Иракли Ӷарибашвили - Ари ицәгьоу аҭагылазаашьаҿ Чехиа ҳавагылоит
Иракли Ӷарибашвили - Ари ицәгьоу аҭагылазаашьаҿ Чехиа ҳавагылоит

Ари ицәгьоу аҭагылазаашьаҿ Чехиа ҳавагылоит, – асоциалтә каҭа “Твиттер” аҿы иҩит Қырҭтәыла аԥыза-министр Иракли Ӷарибашвили.

Қырҭтәыла аиҳабыра рнапхгаҩы Чехиа ареспублика аԥыза-министр Прага иҟалаз арыцҳара инамаданы дидашшылеит, ахәрақәа зауз агәабзиара изеиӷьаишьеит.

„Иахьа Прага иҟалаз арыцҳара адунеи зегь ҳгәы ҳнархьит. Чехиа ареспублика аԥыза-министр Петр Фиалеи ари арыцҳара зықәшәаз аҭаацәарақәеи срыдашшылоит. Ахәрақәа зауз агәабзиара рзеиӷьасшьоит”, -иануп Қырҭтәыла аԥыза-министр Иракли Ӷарибашвили иҳәамҭаҿы.

Иацы, Чехиа аҳҭнықалақь Прага, университетк аҿы ахысра, иҭахеит 15-ҩык, ахәрақәа роуит 25-ҩык. Ахысра Иан Палах ишҭаҿ иҟоу Карл иуниверситет аҿы ҟалеит.