Зураб Абашиӡе ишааицҳаз ала, Григори Карасини иареи ҭелла ианеицәажәоз, Цхинвалтәи арегион аҿы зымҩаҧгара ргәы иҭоу ареферендум  иазааҭгылеит, авиареисқәа рызҵаара иаламцәажәеит  
Зураб Абашиӡе ишааицҳаз ала, Григори Карасини иареи ҭелла ианеицәажәоз, Цхинвалтәи арегион аҿы зымҩаҧгара ргәы иҭоу ареферендум  иазааҭгылеит, авиареисқәа рызҵаара иаламцәажәеит  

Урыстәылаҟны аизыҟазаашьақәа рызҵаарақәа рзы Қырҭтәыла аҧыза-министр ихаҭарнак ҷыда Зураб Абашиӡе   Урыстәылатәи афедерациа Ахеилак Акомитет ахантәаҩы Григори Карасин ҭелла диацәажәеит.

Абашиӡе Қырҭтәыла Актәи аканал ишазааицҳаз ала,  аҭелтә аиҿцәажәараан Цхинвалтәи арегион аҿы зымҩаҧгара ргәы иҭоу ареферендум иазааҭгылеит.

«Сареи Григори Карасини ҭелла ҳаицәажәеит. Иара Цхинвалтәи арегион аҿы зымҩаҧгара ргәы иҭоу ареферендум иааркьаҿны далацәажәеит. Ишиҳәаз ала,  Москва ибзианы ирдыруеит ҳара уи ҳшақәшаҳаҭым,  дара ари азҵаара хшыҩзышьҭра шарҭо иҳәеит. Ишыжәдыуа ала,  иҳаҩсыз амшқәа рзы ари азҵаара дахцәажәеит Кремль апресс-мааӡаныҟәгаҩ Дмитри Песковгьы», — иҳәеит Абашиӡе.

Зураб Абашиӡе иажәақәа рыла, аҭелтә аиҿцәажәараан авиареисқәа реиҭашьақәыргылара азҵаара иаламцәажәеит.