Урыстәыла адәныҟатәи аусҳәарҭа Абашиӡеи Карасини реиԥылара иазку адырра аланарҵәеит
Урыстәыла адәныҟатәи аусҳәарҭа Абашиӡеи Карасини реиԥылара иазку адырра аланарҵәеит

Урыстәыла адәныҟатәи аусҳәарҭа Урыстәылаҟны аизыҟазаашьақәа рызҵаарақәа рзы Қырҭтәыла аҧыза-министр ихаҭарнак ҷыда Зураб Абашиӡеи Урыстәылатәи афедерациа асенатор, Григори Карасини авидеоконференциа аформат аҿы имҩаԥгаз реиԥылара иазку аҳәамҭа аланарҵәеит.

Урыстәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрра адыррақәа рыла, еилацәажәарақәа раан апозитивтә ахәшьара аҭан иманшәалам аполитикатә конкуренциа иахәамԥшыкәа, ахәаахәҭра-економикатә хырхарҭаҿ иҟоу ақәҿиарақәа. Урыстәыла Адәныҟатәи аусҳәарҭа аинформациа ала, Урыстәыла Қырҭтәылазы, Ҭырқәтәыла ашьҭахь зегь реиҳа идуу ахәаахәҭратә партниорны аанхоит. Урыстәыла ақырҭуа ҩы идуӡӡоу хархәаҩ ауп, урыстәылатәи аџьармыкьаҿ 2021 шықәсазы ақырҭуа ҩы актәи ԥшьымз рыла 28%-ла иазҳаит.

Аусҳәарҭа аинформациа ала, еиԥылараан ишьақәрӷәӷәан ҩганкалатәи аинтерес Москва  иҟоу ақырҭуа дипломатиатә аиҭамҵмали Қарҭ иҟоу урыстәылатәи адипломатиатә аиҭамҵмали ирыдҳәаланы иҟоу апроблемақәа рҭыԥқәҵара азҵаара иазкны.

Аганқәа еиқәшаҳаҭхеит Григори Карасини Зураб Абашиӡеи иашьҭанеиуа ишиашоу реиԥылара, аепидҭагылазаашьа алшара рнаҭозар, ҳазҭагылоу ашықәс аҩбатәи азбжазы шымҩаԥгахо.