Зураб Абашиӡе – Абри анҵамҭа алазырҵәаз намыс имамзар ҟалап,  2022 шықәса хәажәкыразы Карасин саниацәажәоз, иасҳәеит авиаеимадара аиҭашьақәыргылара алацәажәара иахәҭам ҳәа
Зураб Абашиӡе – Абри анҵамҭа алазырҵәаз намыс имамзар ҟалап,  2022 шықәса хәажәкыразы Карасин саниацәажәоз, иасҳәеит авиаеимадара аиҭашьақәыргылара алацәажәара иахәҭам ҳәа

Абри анҵамҭа алазырҵәаз намыс имамзар ҟалап, аха, ҳаиҿәажәараҿы иакәызаалак маӡак иҟам, ҳара Прагатәи аформат аҧҵара инаркны, 2012 шықәса инаркны ҳаицәажәоит. Ишыжәдыруа еиҧш, атранспорттә зҵаарақәеи, ахәаахәҭреи, агуманитартә проблемақәеи ҳрылацәажәоит», — иҳәеит Урыстәылаҟны аизыҟазаашьақәа рзы Қырҭтәыла аҧыза-министр ихаҭарнак ҷыда Зураб Абашиӡе.

Қырҭтәыла Актәи аканал ажурналист даниацәажәоз Карасин ишиҳәаз ала, зыӡбахәы ҳәоу анҵамҭа аларҵәара хықәкык ауп иамоу, џьоукы Қырҭтәыла анапхгара маӡала  Урыстәыла ахаҭарнакцәа ирацәажәоушәа аадырҧшыр рҭахуп.

Абашиӡе ишиҳәаз ала, аларҵәара зауз анҵамҭа ҟаҵан  2022 шықәса жәахәкыразы.

«Ҳара аимадаразы маӡалатәи аканал ҳамам, ҳара ҭелла ҳаицәажәоит.  Зыӡбахәы ҳәоу анҵамҭа аларҵәара хықәкык ауп иамоу, џьоукы Қырҭтәыла анапхгара маӡала Урыстәыла ахаҭарнакцәа ирацәажәоушәа аадырҧшыр рҭахуп. Аха, анҵамҭа алагьы иубарҭоуп уи шиашам. Ааи, ҳара ҳаицәажәон, Карасин дсазҵааит шәгәы ишҧаанаго, авиаеимадара аиҭашьақәыргылара азҵаара алацәажәара ҳалагарыма ҳәа.  Иара ихаҭагьы иҳәеит уи алацәажәара иахәҭам ҳәа, саргьы сиқәшаҳаҭхеит. Ари анҵамҭа ҟаҵан  2022 шықәса жәахәкыразы, убри анеҩс сареи Карасини ҳмеицәажәацт. Аха, Урыстәыла дара рхала ирыӡбеит аҧыррақәа еиҭашьақәдыргыларц. Карасини сареи ҳаиҿцәажәараҿы изакәызаалак маӡак иҟам, ҳара еснагь ҳаицәажәон. Аха, аҵыхәтәантәи шықәсыки аа-мзеи Карасин симацәажәацт», — иҳәеит Абашиӡе.