Зураб Абашиӡе – Конгресс аҳәынҭқаррақәа ирыбжьанагоит аҩныҵҟатәи аусқәа рҿы атәым аҽалагалара ааныркыларц, аамҭакала, ари ахырхарҭала Қырҭтәыла ирыдыркылаз азакәан акритика азыруеит
Страсбург имҩаҧысуа Европа Ахеилак аҭыҧантәии арегионалтәии напхгара рконгресс 48-тәи асессиаҿы дықәгылеит Қарҭтәи Сакребуло ахантәаҩы ихаҭыҧуаҩ Зураб Абашиӡе. Ари асессиаҿы Қырҭтәыла иазкны ақәҵара рыдыркылараны иҟоуп.
Иара Конгресс аҟны еиҧҟьарада аусеицура аҵакы далацәажәеит, аха, агәынамӡара ааирҧшит Конгресс аҳасабырбақәа рҿы Қырҭтәыла имҩаҧысуа ахҭысқәа ганкала иахьрыхәаҧшуа азы.
Абашиӡе иажәақәа рыла, ақырҭуа аган ақәҵара аҵакы џьаршьоит.
„Иаҳҳәап, „Аҭыҧантәии арегионалтәии аҩаӡараҟны, алхратә процессаҿ атәым аҽалагалара иазку“ аҳасабырбаҿы аҳәынҭқаррақәа зегьы ирыбжьаргоит атәым аҽалагалара ааныркыларц, аха, убри аамҭазы, уажәааны Қырҭтәыла ирыдыркылаз “Атәым анырра аартызаара иазку“ азакәани FARA-и акритика рзыруеит. Ҳколлегацәа ари азакәан Қырҭтәылазы аҵакы ду шамоу еилыркаароуп ҳәа ҳгәы иаанагоит“, – иҳәеит Зураб Абашиӡе.
„Адырраҭара иазку“ азакәан иалагалоу аҧсахрақәа данрылацәажәоз Абашиӡе ишиҳәаз ала, арҭ аҧсахрақәа амедиа ахьыҧшымреи ажурналисттә етика иҳаракӡоу астандартқәеи еиқәдыршәоит. Зураб Абашиӡе иажәақәа рыла, арҭ астандартқәа рмониторинги рыхьчареи азыҳәан аинституциатә механизмқәа аҧҵахоит.