Жозеп Боррель - Газа асектор анапхгараҭара Палестина администрациа анапхгара мацара рылшоит, "Ҳамас" Газа аконтроль уаҳа азалшом
Жозеп Боррель - Газа асектор анапхгараҭара Палестина администрациа анапхгара мацара рылшоит, "Ҳамас" Газа аконтроль уаҳа азалшом

Еврокомиссиа авице-ахада, адәныҟатәи ашәарҭадаратәи зҵаарақәа рзы Евроеидгыла иреиҳаӡоу ахаҭарнак Жозеп Боррель иҟаиҵаз аҳәамҭала, аибашьра ашьҭахь Газа асектор анапхгараҭара Палестина администрациа анапхгара мацара рылшоит.

“Ҳамас” Газа аконтроль уаҳа азалшом”, – иҳәеит Боррель Мианматәи адиалог иазку аконференциаҿ.

Уаанӡа Израиль аԥыза-министр Бениамин Неҭаниаҳу ишазгәеиҭаз, аибашьра ашьҭахь Газа аҟны палестинатәи напхгара рроль аскептицизмла дахәаԥшуеит.