Жозеп Боррель Европарламентахь алхрақәа рҿы аультраарҕьараҩцәа аиааира ргар ҳәа дшәоит
Жозеп Боррель Европарламентахь алхрақәа рҿы аультраарҕьараҩцәа аиааира ргар ҳәа дшәоит

Жозеп Боррель 2024 шықәсазы Европарламентахь алхрақәа рҿы аультраарҕьараҩцәа аиааира ргар ҳәа дшәоит. Иара ари аҳәамҭа ҟаиҵеит британиатәи аҭыжьымҭа   The Guardian аинтервиу анеиҭоз.

Боррель игәаанагарала,  2024 шықәсазы Европарламентахь алхрақәа, Америка ахада иалхрақәа реиҧшҵәҟьа, зырҽеира ҟамло алҵшәа рхылҵыр ауеит.

«Европатәи аконтинент Европа инхар зҭаху  шәнызқьҩыла ауааҧсыра аднаҧхьалоит. Аҧсҭазаара ахаҭабзиара еиҿаҳарҧшыр, уи уамашәа иубаратәы иҟам. Ҳара аполитикатә хақәиҭреи, аекономикатә шәҭыкакаҷреи, асоциалтә аидгылареи реилаҵәара аганахьала ҳҿырҧшыгоуп. Сара ашәара ауп сзыцәшәо, европауаа ишәаны ииашам алхра ҟарҵар ҳәа сшәоит», — иҳәеит Боррель.

Европарламентахь алхрақәа мҩаҧысуеит ҳаҧхьаҟа, рашәара  6-9 рзы.