Жозеф Борель - Атомтә енергиазы агентра хаҭарнакцәа Запорожиетәи афымцатә станциахь анеира рылшароуп
Жозеф Борель - Атомтә енергиазы агентра хаҭарнакцәа Запорожиетәи афымцатә станциахь анеира рылшароуп

Иреиҳаӡоу еврокомиссар Жозеф Борель Запорожие абомбақәа рыларыжбреи атомтә афымцатә станциаҿ иҟоу аҭагылазаашьеи дрыхцәажәеит.

Борель идҵаны иқәиргылои Атомтә енергиазы агентра хаҭарнакцәа Запорожиетәи афымцатә станциахь анеира рылшарарц.

“Евроеидгыла Запорожиетәи атомтә афымцатә станциа аганахьала Урыстәыла имҩаԥнаго акампаниа иаҿагылоит. Ари атомтә шәарҭадара ҵасқәа реилагароуп, Урыстәыла даҽазнык еиланагеит жәларбжьаратәи анормақәа. Атомтә енергиазы агентра Запорожиетәи афымцатә станциахь анеира рылшароуп”, – иҩит Борели “Твиттер” аҿы.