Атомтә енергиа жәларбжьаратәи агентра аинформациа ала, Запорожиетәи атомтә фымцатә станциаҿ  аҭагылазаашьа шәарҭоуп
Атомтә енергиа жәларбжьаратәи агентра аинформациа ала, Запорожиетәи атомтә фымцатә станциаҿ аҭагылазаашьа шәарҭоуп

Атомтә енергиа жәларбжьаратәи агентра аинформациа ала, Запорожиетәи атомтә фымцатә станциаҿ ишәарҭоу ҭагылазаашьоуп.

Агентра ааԥхьара ҟараҵоит зыԥшра ҟамҵакәа атомтә станциаҿ авариа цәгьа ашәарҭа аҿа́гыларазы ашьаҿақәа ҟарҵарц.

Урыстәыла ақалақь ақалақь Енергодар аҟынтә ауааԥсыра ревакуациа аналага ашьҭахь Атомтә енергиа жәларбжьаратәи агентра анапхгаҩы иҳәамҭа алаирҵәеит. Ари ақалақь аҿы инхоит Запорожиетәи астанциаҿ аус зуа аперсонали рҭаацәарақәеи.

Рафаель Грос иҟаиҵаз аҳәамҭала, атомтә обиект аусуҩцәа астанциаҿ иаанхоит, аха аҭагылазаашьа ишәарҭоуп.

Урыстәыла Запорожиетәи атомтә станциа напхгаҩыс иҟарҵаз ахаҿы иажәақәа рыла, аобиект ашәарҭадаразы ирылшо зегь ҟарҵоит.