"Росатом" анапхгаҩы ишааицҳаз, Запорожиетәи афымцатә станциаҿ атомтә машәыр аҟалар ҟалап
"Росатом" анапхгаҩы ишааицҳаз, Запорожиетәи афымцатә станциаҿ атомтә машәыр аҟалар ҟалап

“Росатом” анапхгаҩы ишааицҳаз, Запорожиетәи афымцатә станциаҿ атомтә машәыр аҟалар ҟалап.

Ари атәы Алексеи Лихачев “Интерфакс” аинтервиу аҿы ааицҳаит.

Лихачев иажәақәа рыла, арҭ амшқәа рзы астанциа аҵакыра ахырхарҭала 30 хысра ҟалеит.

“Ахысрақәа агәыцәтә былтәы аҵәахырҭа ахырхарҭала, акорпус ҷыдеи атранспорттә магистрали рхырхарҭала нагӡан, аԥхасҭа аиуит арезервтә дизель генератор”, – иҳәеит Лихачев.

Уаанӡа Урыстәыла арратә департамент аофициалтә хаҭарнак Игор Конашенков иҟаиҵаз аҳәамҭала, Киев “Запорожиетәи атомтә афымцатә станциаҿ атехнологиатә катастрофа аиҿкааразы апровокациақәа нанагӡоит”.