Жәлар рыхьчаҩ - Леқсо Лашкарава еиҿкаау амчылара далаӡит
Жәлар рыхьчаҩ - Леқсо Лашкарава еиҿкаау амчылара далаӡит

Сара Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистррахь ааҧхьара ҟасҵоит аусеилыргара иалаганы, абри амчылара еиҿызкааз ауаа зегьы аҭакҧхықәра рыдырҵарц, — илҳәеит Жәлар рыхьчаҩ Нино Ломџьариа  «ТВ Пирвели» аҭыхҩы  Леқсо Лашкарава иҧсра афакт инамаданы.

Лара лажәақәа рыла, Леқсо Лашкарава  еиҿкаау амчылара далаӡит, атәыла аиҳабыра  амчыларатә гәыҧқәа рыцәгьаршра аанкыларазы акгьы ҟарымҵеит.

«Рашәара  5  рзы ашәарҭадара ахьчаразы акгьы ҟаҵамызт. Леқсо иахьиқәлаз аофис аҿы ашәарҭара ду шыҟаз рдыруан, аха аҭыҧаҿы аполициа иҟамызт, аҳәынҭқарроуп абри ақәларазы аҭак зыҧхықәу.  Ауааҧсыра, еидгыланы, ҭынч ргәаанагара аадырҧшыр рҭахын, аха атәылаҿы  ҭынч агәаанагара аарҧшра иаҧырхагоу агәыҧқәа иҟоуп. Сара Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистррахь ааҧхьара ҟасҵоит аусеилыргара иалаганы, абри амчылара еиҿызкааз ауаа зегьы аҭакҧхықәра рыдырҵарц, — илҳәеит Жәлар рыхьчаҩ Нино Ломџьариа.