Жәлар рыхьчаҩ иаԥылҵаз аҳақьымцәа ргәыԥ Михаил Саакашили ихәышәтәра иазку алкаа аланарҵәоит - Ахәышәтәра алҵшәа амам, зыԥшра ҟамҵакәа иашьашәалоу ауснагӡатәқәа мҩаԥгатәуп
Жәлар рыхьчаҩ иаԥылҵаз аҳақьымцәа ргәыԥ Михаил Саакашили ихәышәтәра иазку алкаа аланарҵәоит - Ахәышәтәра алҵшәа амам, зыԥшра ҟамҵакәа иашьашәалоу ауснагӡатәқәа мҩаԥгатәуп

Жәлар рыхьчаҩ иаԥылҵаз аҳақьымцәа ргәыԥ Михаил Саакашили ихәышәтәра иазку алкаа аланарҵәоит.

Алкааҿ ишану ала, апациент иҭагылазаашьа цәгьахеит, уи даара ихьанҭоуп.

“Ахәышәтәра алҵшәа амам.  Аекспертцәа ргәаанагарала, апациент Қырҭтәыла иҟоу алабораториатә-инструменттә гәаҭарақәа зегьы изымҩаԥган, аха иҭагылазаашьа ацәгьахара иаҿуп. Ҳгәаанагарала зыԥшра ҟамҵакәа иашьашәалоу ауснагӡатәқәа мҩаԥгатәуп”, – иануп алкаа аҿы. Уи рнапы аҵарҩит аспециалистцәа/аекспертцәа: Гирги Григолиа, Гьыргәал Хурциӡе, Гиорги Каҷарава, Гирги Папиашвили, Аида Гозалова, Ҭенгиз Ҵулаӡе, Нино Заврашвили.