Жәлар рыхьчаҩ - Ҳхаҭарнакцәа апарламент аԥхьа акциа ацклаԥшра нарыгӡоит, иара убас иаанкылоу атәылауаа ирԥылоит
Жәлар рыхьчаҩ - Ҳхаҭарнакцәа апарламент аԥхьа акциа ацклаԥшра нарыгӡоит, иара убас иаанкылоу атәылауаа ирԥылоит

Қырҭтәыла Жәлар рыхьчаҩ ихаҭарнакцәа апарламент аԥхьа акциа ацклаԥшра нарыгӡоит, иара убас иаанкылоу атәылауаа ирԥылоит, – ари атәы иануп Қырҭтәыла Жәлар рыхьчаҩ, Леван Иоселиани иҟаиҵаз аҳәамҭаҿы.

„Жәлар рыхьчаҩ ихаҭарнакцәа ирымоу амандат аҳәаақәа ирҭагӡаны апарламент аԥхьа акциаҿы  иаанкылоу атәылауаа рԥылареи, урҭ рфизикатә ҭагылазаашьеи ргәаҭара нарыгӡоит.

Хәажәкыра 7-8 рзы аҿагылратә акциаҿ аҭыԥ змаз ахҭысқәа рыхәшьараҭара Қырҭтәыла Жәлар рыхьчаҩ арҭ амшқәа рзы цәыригоит”, – иазгәаҭоуп аҳәамҭа аҿы.