Жәлар рыхьчаҩ ажурналистцәа маӡала рыцклаҧшра иадҳәаланы аҳәамҭа ҟалҵеит  
Жәлар рыхьчаҩ ажурналистцәа маӡала рыцклаҧшра иадҳәаланы аҳәамҭа ҟалҵеит  

Қырҭтәыла Жәлар рыхьчаҩ  АИХ ахаҭарнакцәа рзы иҟалар зылшоз азакәандаратә ацклаҧшра афакт дахцәажәеит.

Аҳәамҭа инақәыршәаны, Жәлар рыхьчаҩ,  «Мтавари архи» ажурналистцәа закәандарала рыцклаҧшра  афакт азы иалагаз аусеилыргара лыхшыҩ азышьҭны дацклаҧшуеит.

«2022  шықәса ҧхынгәы 13 рзы АИХ аҿы аларҵәара аман  «Мтавари архи»  апрограмма Post Factum армазеира апроцесс аазырҧшуа аудионҵамҭа.  Уи аҿы иарбан ажурналистцәа рконфеденциалтә хыҵхырҭа. АИХ ахаҭарнакцәа закәандарала рыцклаҧшра афактқәа уаанӡагьы иҟан.

Жәлар рыхьчаҩ лгәаанагарала,   «Мтавари архи»  акритикатә гәалаҟазаара змоу АИХ ахаҭарнакцәа закәандарала рыцклаҧшра афак агәҭынчымра лызцәырнагоит,  уи атәылаҿы  аицәахара иаҿу  амедиа ахақәиҭразы анырра цәгьа амоуп», — иануп аҳәамҭаҿы.