Херсони, Бердиански,  Каховкеи антиампыҵахалатә митингқәа мҩаҧысуеит
 Херсони, Бердиански,  Каховкеи антиампыҵахалатә митингқәа мҩаҧысуеит

 Уажазы иҟоу адыррақәа, рыла аурыс бџьармчқәа иргаз украинатәи ақалақьқәа Херсони, Бердиански,  Каховкеи антиампыҵахалатә митингқәа мҩаҧысуеит.

Апротест ҟазҵо ауааҧсыра Украина абираҟқәа ркуп, Украина амилаҭтә хьыӡрашәеи  еиуеиҧшым алозунгқәеи рҳәоит.

Адемонстрациақәа ркадрқәа асоциалтә аҳақәа рҿы аларҵәара рымоуп.