Харьков абомбақәа алажьраан дҭахеит Аусеицуреи Ашәарҭадареи рзы Европатәи Аиҿкаара амиссиа алахәыла

Харьков абомбақәа алажьраан дҭахеит Аусеицуреи Ашәарҭадареи рзы Европатәи Аиҿкаара амиссиа алахәыла. CNN ари аинформациа аланарҵәеит амиссиа аофициалтә хаҭарнак идырра шьаҭас иҟаҵаны.   Марина Фенина  хәажәкыра 1 азы дҭахеит. Лара Украина иҟоу Аусеицуреи Ашәарҭадареи рзы Европатәи Аиҿкаара  анаҧшратә миссиа ҷыда далахәын.

Аусеицуреи Ашәарҭадареи рзы Европатәи Аиҿкаара  ахантәаҩы, Польша адәныҟатәи аусқәа рминистр Збигнев Рауми Аусеицуреи Ашәарҭадареи рзы Европатәи Аиҿкаара  амаӡаныҟәгаҩ хада Ҳельга Мариа Шмидти Урыстәылахь ааҧхьара ҟарҵеит аибашьра иаҟәыҵырц.