Узбекистан анапхгара атәыла зехьынџьара аҷыда ҭагылазаашьа рыларҳәеит
 Узбекистан анапхгара атәыла зехьынџьара аҷыда ҭагылазаашьа рыларҳәеит

 Узбекистан анапхгара атәыла зехьынџьара аҷыда ҭагылазаашьа рыларҳәеит.  Ари аӡбара рыдыркылеит автономтә регион Каракалпакстан аҳҭнықалақь Нукус имҩаҩысыз апротесттә акциа амшала. Атәыла анапхгара ари акциа иахәаҧшит мчыла амчра агара аҽазкра ҳасабала.

Ҧхынгәы 1 азы акциа мҩаҧызгаз  автономтә регион ауааҧсыра  Узбекистан  Аконституциа апроект ҿыц  ргәаҧхом, уи инақәыршәаны,    Каракалпакстан ахьыҧшым статуси Узбекистан аҵакырадгьыл алҵра азини  аҧыхуп.  Ари арегион атәыла аҵакырадгьы  40% ааннакылоит, аха,  атәыла ауааҧсыра зегьы рҟынтә  7% мацароуп, инқәыршәаны  2 миллионҩык роуп уаҟа инхо.

Аҭыжьымҭа  «Хуки» адыррала, амитинг аҿы иқәгылаз активист  Даулетмурат Тажимуратов ажәлар ирылеиҳәеит анеҩстәи акциа ҧхынгәы 5 рзы ишымҩаҧысуа, аха ҧхынгәы 2 рзы Таџьимуратов даанкылан.

Уажәазы автономтә регион аҿы аинтернети амобилтә аимадареи аганахьала апроблемақәа иҟоуп. Автономтә тәылаҿацә аҭаларҭақәа зегьы аркуп.