Урсула фон дер Лаиен -  Урыстәыла Украина иақәлеижьҭеит шықәсык ашьҭахь, Евроеидгыла Урыстәыла аганахьала асанкциақәа ажәабатәи рпакет шьақәнарӷәӷәоит
Урсула фон дер Лаиен - Урыстәыла Украина иақәлеижьҭеит шықәсык ашьҭахь, Евроеидгыла Урыстәыла аганахьала асанкциақәа ажәабатәи рпакет шьақәнарӷәӷәоит

– Урыстәыла Украина ақәлеижьҭеит шықәсык ашьҭахь, Евроеидгыла Урыстәыла аганахьала асанкциақәа ажәабатәи рпакет шьақәнарӷәӷәоит, – ари атәы аалыцҳаит Еврокомиссиа ахада Урсула фон дер Лаиен Украина ахада Владимир Зеленскии лареи еицымҩаԥыргаз апрессконференциа аҿы.

„Иҳалшо зегь ҟаҳҵоит Путин ари ауаҩытәыҩса иҟазшьа иацәтәым аибашьразы иқәнаго иқәаҳҵар азы. Урыстәыла аибашьра иалагаанӡа, ҳара ҳабжьы рдуны Урыстәыла азышьақәҳаргылоз асанкциақәа ҳрыхцәажәон. Асанкциақәа Урыстәыла аекономика аԥхасҭа ду азааргеит. Есымшатәи аенергетикатә ахә 160 миллион евро иаҟароуп. G7 апартниорцәеи ҳареи анефҭаалыҵ азы иҳәаақәҵоу ахә шьақәҳаргылоит”, – илҳәеит Урсула фон дер Лаиен.