Урыстәылатәи аихқәа рдыррақәа рыла, Украина ицо аибашьраҿ урыстәылатәи арратә мчқәа рԥыза ҿыц ишааицҳаз, Херсон иҟоу аҭагылазаашьа цәгьа иахҟьаны ауааԥсыра аевакуациа рзутәуп
Урыстәылатәи аихқәа рдыррақәа рыла, Украина ицо аибашьраҿ урыстәылатәи арратә мчқәа рԥыза ҿыц ишааицҳаз, Херсон иҟоу аҭагылазаашьа цәгьа иахҟьаны ауааԥсыра аевакуациа рзутәуп

Украина ицо аибашьраҿ ампыҵахаларатә урыстәылатәи арратә мчқәа рԥыза ҿыц Сергеи Суровикин ишааицҳаз, Херсон иҟоу аҭагылазаашьа цәгьа иахҟьаны ауааԥсыра аевакуациа рзутәуп.

Аурыс аинрал иажәақәа рыла, Украина ар ақалақь “Ҳаимарс” аракетатә системақәа алахысуеит, аха урыстәылатәи ар ауааԥсыра ишәарҭам ревакуациа мҩаԥнагоит.

Аурыс арратә чинҳаракҩы ишааицҳаз, аԥхасҭа аиуит Антоновсктәи ацҳа, убри аҟынтә ашьаҭатәи магистраль аҿы атранспорт ала ныҟәара ҟалом.

Суровикин иҟаиҵаз аҳәамҭала, украинаа ажәыларақәа афронт ҭбааҿы мҩаԥыргоит – мрагыларатә Купианск, Лиман араионқәа, Миколаиви, Кривои-Роги рхырзарҭала.

Асепаратистцәа рлидер Кирилл Стремоусов иҟаиҵаз аҳәамҭала, хара имгакәа украинатәи аруаа ақалақь ажәылара иалагоит.