ВВС адыррала, Херсон украинатәи ажурналист дыршьит
ВВС адыррала, Херсон украинатәи ажурналист дыршьит

Херсон  италиатәи ажурналист ицхраауаз украинатәи ажурналист дыршьит, – ари аинформациа аланарҵәеит ВВС.

Амедиа адыррала, украинатәи ажурналист италиатәи акорреспондент украинатәи аибашьра аарҧшраҿы даницхраауаз, аснаипер украинатәи ажурналист дишьит. ВВС ишану ала,  италиатәи ажурналист ахәра иоуит, иҧсҭазаара ашәарҭара иҭагылам.

Амедиахархәага адыррала, ажурналистцәа рҩыџьагьы иршәыз ажилетқәа ирнын дара ажурналистцәа шракәу.

Италиа адәныҟатәи аусқәа рминистр Антониа Таиани иҳәамҭала, Киев иҟоу Италиа ацҳаражәҳәарҭеи украинатәи агани аус рыцыруеит италиатәи ажурналист излауа ала ирласны  Украина далыргарц азыҳәан.