Кремль аинформациа ала, Владимир Путин импыҵахалоу Лугански Херсони дыҟан
Кремль аинформациа ала, Владимир Путин импыҵахалоу Лугански Херсони дыҟан

Кремль аинформациа ала, Урыстәылатәи Афедерациа ахада Владимир Путин импыҵахалоу Лугансктәи Херсонтәи  аобластқәа рҿы дыҟан.

Аха Путин уа даныҟаз аамҭа идырым.

Кремль апрессмаҵзура аинформациа ала, Владимир Путин Херсонтәи аобласт аҿы урыстәылатәи ар “Днепртәи” агәыԥи, Луганск амилаҭтә гвардиа “мрагыларатә” аштабқәеи дырҭаан, аурыс аруаа Амшаԥы аныҳәа рыдиныҳәалеит.

Украина анапхгара ари адырра иазкны алкаа ҟарымҵаӡацт.