Урыстәылатәи АИХ адыррақәа рыла, Чечентәыла анапхгаҩы Рамзар Кадыров изааигәоу идгылаҩ Адам Делимханов дырхәит
Урыстәылатәи АИХ адыррақәа рыла, Чечентәыла анапхгаҩы Рамзар Кадыров изааигәоу идгылаҩ Адам Делимханов дырхәит

Урыстәылатәи АИХ адыррақәа рыла, Чечентәыла анапхгаҩы Рамзар Кадыров изааигәоу идгылаҩ Адам Делимханов ахәра иоуит. Ари атәы аанацҳаит урыстәылатәи ателееилахәыра  «Звезда».

АИХ адыррақәа рыла, Аҳәынҭқарратә Дума адепутат  Адам Делимханов «ахәра иоуит, аха, иҧсы ҭоуп».   Делимханов  дахьырхәыз макьана еилкаам.

Рашәара 13 рзы Кадыров ишиҳәаз ала, Белгородтәи атәылаҿацәаҿ адиверсиа аҧыхра иалахәызаауеит абаталион  «Мраҭашәара -Ахмат» ақәҧаҩцәа.

Делимханов    Белгородтәи атәылаҿацә агубернатори, Атәылахьчара аминистрра ахаҭарнакцәеи, Росгвардиа анапхгаҩцәеи дырҧылеит.

Ҵыҧх  Делимханов  Мариуполь агара иазкыз аоперациа иалахәыз чечентәылатәи арратә хәҭа анапхгара азиуан.