Урыстәыла Украина жәа регион рганахьала аракетатә жәылара мҩаԥнагеит, иҭахеит ԥшьҩык
Урыстәыла Украина жәа регион рганахьала аракетатә жәылара мҩаԥнагеит, иҭахеит ԥшьҩык

Урыстәыла Украина жәа регион рганахьала еиуеиԥшым аракетақәеи аԥырҩы дызмам аппаратқәеи рыла ажәылара мҩаԥнагеит, иҭахеит ԥшьҩык, – аарыцҳаит украинатәи аихқәа.

Херсонтәи аобласт аҿы ажәылара амшала иҭахеит ҩыџьа, 25-ҩык ахәрақәа роуит. Ахәрақәа зауз иреиуп хҩык ахәыҷқәа. Ажәылараан аԥхасҭа роуит 30 иреиҳаны анхамҩатә хыбрақәеи хазхаҭалатәи аҩнқәеи.

Донецктәи арегион аҿы аракетатә жәылара жәаиланхарҭак рганахьала мҩаԥган. Дҭахеит аӡәы. Аԥхасҭа роуит аҩнеихагыла дуқәа, адәқьанқәа, ашкол.

Днепропетровсктәи аобласт аҿы дҭахеит 81 шықәса зхыҵуаз ахаҵа, ахәрақәа заузгьы иҟоуп.

Черниговтәи арегион аҿы иблит анхамҩатә хыбрақәа ԥшьба, еилаҳаит аҩны, Сумтәи арегион аҟны 117 ԥжәара ҟалеит.