Урыстәыла Атәылахьчара аминистрра аҟынтә ишаарыцҳаз, уахынла аҳауахьчаратә мчқәа Урыстәыла аҳаутә қәыԥшылараҿ аԥырҩы дызҭам аппаратқәа ԥшьба карыжьит
Урыстәыла Атәылахьчара аминистрра аҟынтә ишаарыцҳаз, уахынла аҳауахьчаратә мчқәа Урыстәыла аҳаутә қәыԥшылараҿ аԥырҩы дызҭам аппаратқәа ԥшьба карыжьит

Урыстәыла Атәылахьчара аминистрра аҟынтә ишаарыцҳаз, уахынла аҳауахьчаратә мчқәа Урыстәыла аҳаутә қәыԥшылараҿ аԥырҩы дызҭам аппаратқәа ԥшьба карыжьит. Урҭ рҟынтә ҩаппаратк – Москва ааигәара,  даҽа ҩба – Бриансктәи аобласт аҿы.

Москва ахада идыррақәарыла, дронк Красногардск, егьы – Часцов аҟны карыжьит. Аҭыԥ аҿы амобилизациа рзууп амаҵзура ҷыдақәа.

Аԥырҩы дызҭам аппаратқәа рыла ажәылара аан  Урыстәыла аҳҭнықалақь аҳаирбаӷәазақәа – Шереметьевои Домодедовои русура аанкылан.