Урыстәыла Атәылахьчара аминистрра адыррақәа рыла, Амшын еиқәеи Каспиатәи  амшыни рҿы игылоу аҕбақәа рҟынтәи аракетақәа рыла Украина арратә инфраструктура иқәырхит
Урыстәыла Атәылахьчара аминистрра адыррақәа рыла, Амшын еиқәеи Каспиатәи  амшыни рҿы игылоу аҕбақәа рҟынтәи аракетақәа рыла Украина арратә инфраструктура иқәырхит

Урыстәыла Атәылахьчара аминистрра адыррақәа рыла, Амшын еиқәеи Каспиатәи  амшыни рҿы игылоу аҕбақәа рҟынтәи аракетақәа рыла Украина арратә инфраструктура иқәырхит. Иахьатәи абрифинг аҿы ари атәы ааицҳаит Урыстәыла Атәылахьчара аминистрра ахаҭарнак  Игорь Конашенков.

Иара иажәақәа рыла, аурыс арбџьармқәа, украинатә акәылӡтехниказы абылтәы ахьынтәааргоз  Украина абылтәы база ду иқәырхит.  Конашенков  иҳәамҭала, Николаевтәи атәылаҿацә аҿы иҟоу анефҭбаза иаахеит Каспиатәи амшын аҿы игылоу аҕбантә, амҵәыжәҩатә ракетақәа рыла, иара убас, Ҟрым аҳаиртә қәыҧшыларантәгьы агиперабжьытә аеробаллистикатә ракетақәагьы дәықәҵан.