Урыстәыла Адәныҟатәи аусҳәарҭа  - Шәамахьтәыла Ашьауӷа зин жәларбжьарати аӡбарҭа Римтәи астатут иалалозар, Урыстәылеи Шәамахьтәылеи реизыҟазаашьақәа даара цәгьахоит
Урыстәыла Адәныҟатәи аусҳәарҭа - Шәамахьтәыла Ашьауӷа зин жәларбжьарати аӡбарҭа Римтәи астатут иалалозар, Урыстәылеи Шәамахьтәылеи реизыҟазаашьақәа даара цәгьахоит

Шәамахьтәыла Ашьауӷа зин жәларбжьарати аӡбарҭа Римтәи астатут иалалозар, Урыстәылеи Шәамахьтәылеи реизыҟазаашьақәа даара цәгьахоит. Урыстылати аиха ишаарыцаз, ари атәы шәамахьтәылатәи иколллегацәа рахь ашьҭымҭа ҟаиҵеит Урыстәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистр.

Урыстәыла Адәныҟатәи аусҳәарҭа ахаҭарнак иажәақәа рыла, Шәамахьтәыла Ашьауӷа зин жәларбжьарати аӡбарҭа Римтәи астатут алалара ахьаҭахәу, Урыстәылаҿ иргыдыркылом.

Хәажәкыра 24 рзы Шәамахьтәыла аконституциатә аӡбарҭа ахантәаҩы Арман Диланиан иҟаиҵаз аҳәамҭала, Аконституциатәи аӡбарҭа Ашьауӷа зин жәларбжьарати аӡбарҭа Римтәи астатут ала иазыԥхьагәаҭоу ахыдҵақәеи ашьаҭатәи азакәани реинаалара азханаҵеит. Арман Диланиан иажәақәа рыла, ари аӡбара аиҭахәаԥшра ма аԥсахра ҟалом, амч акьыԥхьра ашьҭахьҵәҟьа аиуеит. Аӡбарҭа аднакылаз аӡбамҭа аратификациа апарламент аҿы азыруроуп.