"Уолл сҭриҭ џьорнал" - Урыстәыла Украина имҩаԥысуа аибашьрахь аурбантә ақәԥарақәа ибзианы здыруа шьамтәылатәи аибашьцәа реизгара аҿуп

Урыстәыла Украина имҩаԥысуа аибашьрахь аурбантә ақәԥарақәа ибзианы здыруа шьамтәылатәи аибашьцәа реизгара аҿуп. Ари атәы ЕАШ анапхгара рхаҭарнакык “Уолл сҭриҭ џьорнал” ахь ааицҳаит.

Аԥшыхәратә маҵзура ахаҭарнак иажәақәа рыла, шьамтәылатәи аибашьцәа ргәыԥк Урыстәыла иаҭаахьеит, аибашьцәа Украина адәықәларазы рҽазыҟарҵоит.

Иҟоу адыррақәа рыла, Украина фымз ахьчаҩцәас аусура иақәшаҳаҭхо ахатәгәаԥхарауаа Урыстәыла анапхгара рхаарнакца 200-300 доллар ирыдаргалоит.