Украинатәи аруаа рдыррақәа рыла, Макеевка ақалақь аракетақәа алажьра амшала иҭахеит  400 раҟара аурыс аруаа,  даҽа  300ҩык раҟара ахәрақәа роуит
Украинатәи аруаа рдыррақәа рыла, Макеевка ақалақь аракетақәа алажьра амшала иҭахеит  400 раҟара аурыс аруаа,  даҽа  300ҩык раҟара ахәрақәа роуит

Украинатәи аруаа рдыррақәа рыла, Урыстәыла ала импыҵахалоу аҵакырадгьыл аракетақәа алажьраан иҭахеит  400ҩык раҟара аурыс аруаа,  даҽа  300ҩык раҟара ахәрақәа роуит.

BBC адыррала, украинаа Макеевка ақалақьаҿ аурыс аруаа ахьыҟаз ахыбра иалахысит.

Урыстәыла ампыҵахалатә режим ахаҭарнакцәа  ишьақәдырҕәҕәеит украинаа Донецктәи атәылаҿацәаҿ иҟоу анхарҭатә пункт ишаахаз,  аха,  уаҟаҩы иҭахаз рымҳәеит,  400ҩык аруаа рҭахара иазку аинформациа мап ацәыркит.

Ҧасатәи урыстәылатәи арратә маҵзуҩы  Игорь Гиркин ишааицҳаз ала,  украинаа имҩаҧыргаз аахара амшала шәҩыла аурыс аруаа иҭахеит,  урҭ реиҳара уажәааны арратә маҵзурахьы иргаз роуп.