Украинатәи ақалақьқәак аракетақәа рыларыжьит
Украинатәи ақалақьқәак аракетақәа рыларыжьит

Украинатәи ақалақьқәа ржәылара инагӡоит. Аҭыҧантәи АИХ адыррақәа рыла, Харьков аҧжәарақәа ҟалеит. Иаха Никополь аракетақәа аларыжьит. Аларҵәара зауз аинформациала, ақалақь ахырхарҭала идәықәҵан 100 раҟара аракетақәа. Иара убас, Днепропетровскгьы анхарҭатә пунктқәа иржәылеит, уаҟа ааҩык ахәрақәа роуит.

Украина Аштаб хада адыррала, украинатәи аруаа 4 хырхарҭак рыла Урыстәыла ажәылара қәҿиарала иаҿагылеит.