Украинатәи аихқәа ишаарыцҳаз, Урыстәыла ампыҵахаларатә мчқәа Запорожиетәи аобласт аганахьала аракетатә жәылара мҩаԥыргеит
Украинатәи аихқәа ишаарыцҳаз, Урыстәыла ампыҵахаларатә мчқәа Запорожиетәи аобласт аганахьала аракетатә жәылара мҩаԥыргеит

Урыстәыла ампыҵахаларатә мчқәа Запорожиетәи аобласт аганахьала аракетатә жәылара мҩаԥыргеит. Украинатәи аихқәа ишаарыцҳаз, ажәылара мҩаԥган Запорожие ааглыхратәи аенергетикатәи инфраструктуратә обиектқәа рганахьала.

Аԥсыҭбарақәеи аԥхасҭеи ирызку аинформациа макьана идырым.

Ԥхынҷкәын 5 рзы, уахынла, аурыс аруаа Кривои рог абомбақәа аларыжьит.

Украинатәи аихқәа ишаарыцҳаз, иҳаҩсыз уахи-ҽни рыла Урыстәыла ампыҵахаларатә мчқәа Сумтәи аобласт аминаршәагақәеи артиллериеи рыла 64-нтә алахысит.