Украинатәи аих - Ахтырка ақалақь аҿы урыстәылатәи амчқәа арратә хәҭа иалахысит, иҭахеит 70-ҩык рҟынӡа украинатәи аруаа
Суматәи аокруг иаҵанакуа Ахтырка ақалақь аҿы урыстәылатәи амчқәа арратә хәҭа иалахысит, иҭахеит 70-ҩык рҟынӡа украинатәи аруаа, – ари атәы аанацҳаит аҭыжьымҭа “Униан” Сумтәи аокруг аҳәынҭқарратә администрациа ахантәаҩы Дмитри Живицки иҟынтә адырра ҵаҵӷәыс аҭаны.
“Иацы аӷа иартиллериа арратә хәҭа иалахысит. Аилаҳақәа рҿы аԥсыҭбарақәа рыԥшаара ҳаҿуп. Аҭыԥ аҿы аус ауеит Аҭагылазаашьа ҷыдақәа рмилаҭтә маҵзуреи атәылауааи, иҭахаз рацәаҩуп. Иҭахеит 70-ҩык рҟынӡа украинатәи аруаа,” – иануп аокругтә администрациа аинформациа аҿы.