Польшеи, Чехиеи Словениеи рԥыза-министрцәа Украина иаҭаауеит
Польшеи, Чехиеи Словениеи рԥыза-министрцәа Украина иаҭаауеит

Украина Польшеи, Чехиеи Словениеи рԥыза-министрцәа иаҭаауеит. ВВС аинформациала, хтәылак рлидерцәа ахада Владимир Зеленски иԥылоит.

Аинформациа шьақәдырӷәӷәеит Польша аиҳабыраҿ. Польшатәи аган ражәақәа рыла, авизит хықәкыс амоуп Украина асуверенитети атерриториатә акзаареи рыдгылара ашьақәырӷәӷәара.

„Иара убас, ари авизит хықәкыс амоуп Украинеи украиаани рыдгылара апакет ҭбаа рыдгалара“, – иануп аҳәамҭа аҿы.