Украина иҭахаз ақырҭуа аибашьҩы Аркади Касраӡе иԥсыбаҩ аԥсадгьыл ахь ааргеит
Украина иҭахаз ақырҭуа аибашьҩы Аркади Касраӡе иԥсыбаҩ аԥсадгьыл ахь ааргеит

Мшаԥы 16 рзы Украина ампыҵахаларатә мчқәа рыҿагылараан иҭахаз ақырҭуа аибашьҩы Аркади Касраӡе иԥсыбаҩ аԥсадгьыл ахь ааргеит.

Аркади Касраӡе иԥсыбаҩ Украинантә Қырҭтәыла Польша аҳҭнықалақь иавсны ааргеит.

Қарҭтәи жәларбжьаратәи аҳаирбаӷәазаҿ афырхаҵа Қырҭтәылеи Украинеи рбираҟқәеи ацәашьқәеи ркны иԥылеит.

Аркада Касраӡе Луганск, ақалақь Рубежное аҿы даҭахеит. Уаҵәы Қырҭтәыла ииаргоит иҭахаз Заза Биҵаӡеи Алика Цаавеи рыԥсыбаҩқәа.

Украина Урыстәылатәи агрессиа аҿагылараан иҭахеит жәҩык ақырҭуа аибашьцәа.