Украина ахада иадминистрациа ахаҭарнак - Урыстәыла анапхгара аиҿцәажәарақәа рҿы аҳәарақәа дырмаҷит
Украина ахада иадминистрациа ахаҭарнак - Урыстәыла анапхгара аиҿцәажәарақәа рҿы аҳәарақәа дырмаҷит

Украина ахада иадминистрациа аиҳабы ибжьагаҩ Аоексеи Арестович ишааицҳаз, Урыстәыла анапхгара аиҿцәажәарақәа рҿы аҳәарақәа дырмаҷит. Арестович иажәақәа рыла, Урыстәыла аделегациа аденацификациеи аблок иалам астатуси рзы ақәыӷәӷәара ҟарҵом.

Украина ахада иофис анапхгаҩы ишааицҳаз, аиԥылараҿ иқәдыргылеит Украина ажәыларатә абџьар аргылара апревенциа азҵаара.

“Аҳәарақәа рырмаҷрала иубарҭоуп Урыстәылатәи афедерациаҿ шеилыркааз – ирымоу аполитикатә хықәкы аибашьрала анагӡара шрылымшо. Аганқәа атеориатә аиқәшаҳаҭра рыман Урыстәыла ажәылара амшала иакәыршаны иҟоу украинатәи ақалақьқәа рзы агумнитартә цхыраареи агуманитартә корридори раԥҵареи реиҿкаара,” – иҳәеит Арестович.