Украина Ауаажәларратә дырраҭара анапхгаҩы Николаи Чернотицки Ҭинаҭин Берӡенишвили Қырҭтәыла Ахьыҧшымра амш лыдиныҳәалеит  -  Ҳанеицу  ҳаҕәҕәоуп, ҳаидгылоуп, аиааира еицаагоит
Украина Ауаажәларратә дырраҭара анапхгаҩы Николаи Чернотицки Ҭинаҭин Берӡенишвили Қырҭтәыла Ахьыҧшымра амш лыдиныҳәалеит  -  Ҳанеицу  ҳаҕәҕәоуп, ҳаидгылоуп, аиааира еицаагоит

Украина Ауаажәларратә дырраҭара анапхгаҩы Николаи Чернотицки Ҭинаҭин Берӡенишвили Қырҭтәыла Ахьыҧшымра амш лыдиныҳәалеит .

«Украина адырраҭаратә еилахәыра ахьӡала, гәыкала ишәыдысныҳәалоит Қырҭтәыла Ахьыҧшымра амш. Ари арыцхә ақырҭуа жәлар ракзаареи рыҕәҕәареи аанарҧшуеит, имаҷымкәа ауадаҩрақәа шышәхыжәгазгьы, Урыстәыла ахаҧышәара ишышәҧырхагоугьы,  шәтәыла ахақәиҭреи, ахьыҧшымреи, адемократиатә аҿиареи аиуит.

Иахьа аукраин жәлар ихьыҧшым зхы иақәиҭу аҧсҭазаара азин азықәҧара ақәшәеит. Арратә агрессиа иаҿагылоу абри ақәҧараҿы ақырҭуа жәлар ишьақәдырҕәҕәеит аҩызарала ишаҳзыҟоу, даргьы, иҳавагыланы, агәымбылџьбареи амчылареи иаҿагылеит.

Қырҭтәыла Украина ахьыҧшымреи аҵакырадгьылтә акзаареи иадгылоит, ҳара уи  гәыкала ахә ҳшьоит.

Иара убас, Украина Ауаажәларратә дырраҭара адемократиатә хархәагақәа зегьы рҟынтә адгылара  иаҭабууп, ҷыдала  – адезинформациа иаҿагыло, иахьа аукраин жәлар изҭагыло агәаҟра аазырҧшуа ауаажәларратә АИХ рҟынтә  адгылара ҳара ҳзы иаҵанакәа рацәоуп.

Шәҽазышәарақәа рзы даҽазнык ҭабуп ҳәа шәасҳәоит. Шәареи штәылеи аҭынчреи ашәҭыкакаҷреи шәзеиҕьасшьоит.

Ҳанеицу ҳаҕәҕәоуп, ҳаидгылоуп, аиааира еицаагоит», — иануп Ҭинаҭин Берӡенишвили илоуз ашәҟәы аҟны. Уи инапы аҵаиҩит Украина ауаажәларратә ателерадиоеилахәыра анапхгара ахантәаҩы Николаи Чернотицки.