Украина апрокуратура аинформациала, Украина аибашьра иалагеижьҭеи иҭахеит 205-ҩык ахәыҷқәа, 362-ҩык ахәрақәа роуит
Украина апрокуратура аинформациала, Украина аибашьра иалагеижьҭеи иҭахеит 205-ҩык ахәыҷқәа, 362-ҩык ахәрақәа роуит

Украина аибашьра иалагеижьҭеи иҭахеит 205-ҩык ахәыҷқәа. Ари атәы аанацҳаит Украина апрокуратура хада.

Аусҳәарҭа аинформациа ала, 362-ҩык ахәыҷқәа ахәрақәа роуит.

Апрокуратура хада аҳәамҭаҿ ишану ала, арҭ арбагақәа ԥсаххоит, избан акәзар, ақәԥарақәа ахьцо арегионқәа рҟны адыррақәа реиҭагәаҭара алшара иҟам.

Апрокуратура аинформациа ала, зегь реиҳа ирацәаны ахәыҷқәа иҭахеит Донецктәи, Киевтәи, Харковтәи, Черниговтәи, Херсонтәи, Николаевсктәи, Лугансктәи, Запорожиетәи, Сумтәи, Житомиртәи аокругқәа рҿы.