Украина Адәныҟатәи аусқәа рминистрра  аконгрессмен  Викториа Спартц  лахь ааҧхьара ҟанаҵеит «Украина имҩаҧысуа аибашьра иазкны шьаҭак зҵам аспекулиациақәа рхарџьла аполитикатә капитал арҳара аҽазышәара даҟәыҵырц»
Украина Адәныҟатәи аусқәа рминистрра  аконгрессмен  Викториа Спартц  лахь ааҧхьара ҟанаҵеит «Украина имҩаҧысуа аибашьра иазкны шьаҭак зҵам аспекулиациақәа рхарџьла аполитикатә капитал арҳара аҽазышәара даҟәыҵырц»

 Украина Адәныҟатәи аусқәа рминистрра  аконгрессмен  Викториа Спартц  лахь ааҧхьара ҟанаҵеит «Украина имҩаҧысуа аибашьра иазкны шьаҭак зҵам аспекулиациақәа рхарџьла аполитикатә капитал арҳара аҽазышәара даҟәыҵырц». Украинатәи АИХ рдыррала, ари аҳамҭа ҟаиҵеит Украина Адәныҟатәи аусқәа рминистрра ахаҭарнак Олег Николенко.

«Спартц ҳаҧхьаҟа ари апроцесс абиурократизациеи аргәагәареи дазҿлымҳауп,  уи аурыс ампыҵахалаҩцәа хырҳагара рзаанагоит. Абри асценари зацәуп Кремль изықәгәыҕуа», — иҳәеит  Николенко.

«Украин Мед» ишаанацҳаз ала, атәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрраҿы агәыҕра ду рымоуп иарбанызаалак аҳәамҭақәеи апровокациақәеи ахада Баидени Зеленскии рыбжьара, иара убас, Ермаки Баиден ибжьагаҩ Џьеик Салливани, Дмитри Кулебеи Ентони Блинкени рыбжьара ишьақәгылаз агәреибагара аҩаӡара ҳаракы иаҧырхагамхап ҳәа.

Аконгрессмен Викториа Спартц Америка ахада Џьо Баиден ашәҟәы изылҩын,   Украина ахада Зеленски иадминистрациа аиҳабы Андреи Ермак ихылаҧшра апроцедура иазку аинформациа цәыригарц диҳәеит.

Аконгрессмен ишазгәалҭаз ала, еиуеиҧшым амаҵзураҷыдақәа ринформациа ала,  Ермак Урыстәылаҟны аимадара шимоу азы агәҩара  иҟоуп.

Лара лгәаанагарала,   аларҵәара зауз ахарадҵара ашьақәырҕәҕәара ма мап ацәкра рылшарц азыҳәан, Конгресс, зыҧшра ҟамҵакәа Ермак изкны аинформациа аиуроуп.  Спартц лҳәамҭала,   Ермак акоррупциа аҿагылара ахырхарҭазы ихаҭыҧуаҩс дҟаиҵеит Олег Татаров.  Ашәҟәы аҟны ишазгәаҭоу ала,   2020 шықәсазы Татаров акоррупциа ихарарҵан,  иара изы ашьауҕаус хьацыркын,  анеҩс,  ари аус абжьааҧнытә прокурор ирҭан,  иадыркит.  Украина ҧасатәи ахада Виктор Ианукович ихаан Татаров амаҵзураҭыҧ ду ааникылон,  Евромаидан алахәылацәа ранкылара далахәын.