Украина адәныҟатәи аусҳәарҭа аинформациала, 16 тәыла рдипломатиатә ҳаҭарнакрақәа Киев аусура еиҭалагеит
Украина адәныҟатәи аусҳәарҭа аинформациала, 16 тәыла рдипломатиатә ҳаҭарнакрақәа Киев аусура еиҭалагеит

16 тәыла рдипломатиатә ҳаҭарнакрақәа Киев аусура еиҭалагеит, – ари атәы аанацҳаит Украина Адәныҟатәи аусқәа рминистрра.

Аусҳәарҭа Киев аус зуа ацҳаражәҳәарақәа рсиа аланарҵәооит, урҭ иреиуоуп Қырҭтәыла ахаҭарнакрагьы.

“Есымша иаҳа-иаҳа ирацәаны адипломатиатә хаҭарнакрақәа Киев аусура еиҭалагоит. Ари даҽазнык шьақәнарӷәӷәоит адунеи Украина шадгыло, Украина агәра шаго. Иахьа аҳҭнықалақь аҿы аус руеит 16 тәыла рдипломатиатә хаҭарнакрақәа рдипломатцәа – Франциа, Испаниа, Италиа, Латвиа, Лиетува, Естониа, Польша, Ҭырқәтәыла, Чехиа, Словениа, Ватикан, Молдова, Қырҭтәыла, Џьамтәыла, Казахстан, Таџьикистан, Ҭуркмениа. Ҳҩы́зцәа адгыларазы иҭабуп ҳәа раҳҳәоит!” – иануп аҳәамҭа аҿы.