ВВС - Нато асаммит ҷыдаҿ Польша Украинаҟа аҭынчратә миссиа дәықәҵара азҵаара ықәнаргылоит
Нато асаммит ҷыдаҿ Польша Украинаҟа аҭынчратә миссиа дәықәҵара азҵаара ықәнаргылоит. Ари атәы аанацҳаии ВВС.
Аих аинформациа ала, Нато асаммит ҷыда хәажәкыра 24 рзы, Бриуссель мҩаԥгахоит, уи рхы аладырхәоит алианс иалоу атәылақәа рлидерцәа, асамит аҿы Польша ахада Анджеи Дуда ари аԥшьгара дахцәажәоит.
ВВС ишаанацҳаз, абри еиԥш амиссиа архиаразы мызқәак аҭахуп. Аларҵәара зауз аинформациала, аҭынчрачаԥаратә миссиа аҽалархәра Даниагьы азыхиоуп.