ВВС – Гьаргь Гахариа аполитикатә фигурант хада иаанкылара иахылҵыр ҟало ашәарҭақәа дрызхәцзар ҟалап
ВВС – Гьаргь Гахариа аполитикатә фигурант хада иаанкылара иахылҵыр ҟало ашәарҭақәа дрызхәцзар ҟалап

“ВВС” Гьаргь Гахариа инапынҵақәа рышьҭаҵара ақәҿыҭуеит. Британиатәи ауаажәларратә дырраҭара аналитик Раиҳан Демитре истатиаҿ ишану ала, аполитикатә оппонент иаанкылара апротест азуны аԥыза-министр инапы анышьҭеиҵо зеиԥшҟамлац хҭысуп. Аха Гьаргь Гахариа аполитикатә фигурант хада иаанкылара иахылҵыр ҟало ашәарҭақәа дрызхәцзар ҟалап.

«Ари ашьаҿала Гахариа «Ақырҭуа гәахәтәы» алахәылацәа дырҿагылоит. Урҭ Ника Мелиа иаанкылара рҭахуп», – иҩуеит астатиа автор.

Иахьа аҧыза-министр Гьаргь Гахариа инапынҵақәа шьҭеиҵеит. Иара ари атәы ааицҳаит аиҳабыра русмҩаҧгарҭаҿы имҩаҧгаз абрифинг ҷыда аҿы.