Володимир Зеленски Евроеидгыла асаммит аҿы дықәгылеит
Володимир Зеленски Евроеидгыла асаммит аҿы дықәгылеит

Евроеидгыла асаммит аҿы Укриана ахада Володимир Зеленски авидеоиқәгылараан, игазгәеиҭаз ала, Киев Евроеидгыла адҵа нанагӡеит.

«Ари амш аҭоурых иҭаҩхоит. Ари ҳара ҳзы ихырҳагоума, ицәгьоума аҭоурых аҿы аарԥшхоит. Ажәа цыԥхьаҿа, ашьаҿа цыԥхьаӡа, амалатәара цыԥхьаӡа. Иарбан гану аанаҳкылаз. Европа иахьа ахьаҳә-хьачара зин амаӡам. Европа зыгәра узымго ауп ҳәа ма ахала аус здызулаз аӡбара адкылара алшом ҳәа ргәы иаанагар ҳҭахым. Иахьа акызаҵәык сшәыҳәоит – ажәлари уи амоу агәыӷреи шәымҭиин. Европа аиааира агароуп, аиқәшаҳаҭрақә нагӡатәуп, ажәақәа аҵакы рымазароуп», —иҳәеит  Володимир Зеленски.