Володимир Зеленски – Украина НАТО   алалара - ашәарҭадара ахьчаразы зегьы иреиҕьу, зыхә мариоу ахәдықәҵарас иаанхоит
Володимир Зеленски – Украина НАТО алалара - ашәарҭадара ахьчаразы зегьы иреиҕьу, зыхә мариоу ахәдықәҵарас иаанхоит

НАТО ашҟа Украина алалара – ашәарҭадара ахьчаразы зегьы иреиҕьу, хыхә мариоу ахәдықәҵарас иаанхоит, – иҳәеит Украина ахада Владимир Зеленски.

Зеленски иажәақәа рыла, ашәарҭадара ахәдықәҵара иҟамкәа, Урыстәылаҟны иарбанзаалак аиқәшаҳаҭра адкылара ҟалом, избанзар, уи анеҩс аурыс агрессиа еиҭаҟалар ауеит.

„Сара гәыкала агәра згоит уи Украина иаиур алшо зегьы реиҳа зыхә мариоу ахәдықәҵара шакәу. Урыстәыла акәӡам НАТО иалало ма иаламло зыӡбо, Америка ауп ари аӡбара здызкылаша. Уи Трамп изы аиааира духоит ҳәа сгәы иаанагоит“, – иҳәеит Украина ахада.