Владимир Зеленски - Урыстәыла Нато агипноз азнауит
Владимир Зеленски - Урыстәыла Нато агипноз азнауит

Урыстәыла Нато агипноз азнауит , – иҳәеит Украина ахада Владимир Зеленски Европа алидерцәа данырԥылоз. Аиԥылара авидео формат аҿы мҩаԥган. Украина ахада агәеихшәара ааирԥшит Нато Украина аԥарра ахьыҟамло қәыԥшыларас аларҳәара мап ахьацәнакыз.

Зеленски иажәақәа рыла, Нато адунеи аҿы зегь реиҳа иӷәӷәоу алиансуп, аха уи иалоу тәылақәак Урыстәыла агрессиа иабзоураны агипноз рзууп.

„Адунеитә еибашьра иазкны ирацәаны ицәажәоит, Нато Украина ажәҩан урыстәылатәи аракетақәеи аҳаирпланқәеи рзы  аԥырра ахьыҟамло қәыԥшыларас шьақәнарӷәӷәар, аибашьра иалагоит ҳәа. Ари иабзоураны урыстәылатәи ар  аҭынч қалақьқәеи, анхарҭа корпусқәеи, ахәышәтәырҭақәеи абомбақәа рыларыжьра алшара аиуеит.  Ҳара ҳаззегьы Урыстәыла цәҟьарас ҳахәаԥшуеит. Украина иԥсыҽхар, Европазы ари иманшәалам. Убри аҟынтә ҳацхыраарала, шәара шәхы шәацхраауеит,” – иҳәеит Зеленски.