Владимир Зеленски – Урыстәыла амца аанкылара ишазҿлымҳау аазырҧшыша дыргак иҟам, аҭынчра ашьақәыргыларазы Урыстәыла иаҳа иџьбараны  иақәыҕәҕәатәуп
Владимир Зеленски – Урыстәыла амца аанкылара ишазҿлымҳау аазырҧшыша дыргак иҟам, аҭынчра ашьақәыргыларазы Урыстәыла иаҳа иџьбараны  иақәыҕәҕәатәуп

«Урыстәыла амца аанкылара ишазҿлымҳау аазырҧшыша дыргак иҟам, аҭынчра ашьақәыргыларазы Урыстәыла иаҳа иџьбараны иақәыҕәҕәатәуп», — иҩит Украина ахада Владимир Зеленски асоциалтә аҳаҿы.

Иара ишиҳәаз ала, аҵыхәтәантәи аамҭазы акыраамҭа апарниорцәа драцәажәон.

«Аибашьра хыркәшатәуп. Украинеи ҳпартниорцәеи ҳҧышәа ҳхы иархәаны, Урыстәыла ҳжьара алшара аҳамҭароуп.  Урыстәыла амца аанкылара ишазҿлымҳау аазырҧшыша дыргак иҟам. Украинеи, Америкеи, Европеи, аҭынчра зҭаху егьырҭ атәылақәеи еидгылар, Урыстәыла аибашьра аҟәыҵра адарцалоит. Иҳацхраауа зегьы ҭабуп ҳәа расҳәоит», — иҩит  Владимир Зеленски.