Владимир  Зеленски идҵала,  ҧшьҩык Қырҭтәыла атәылауаа асанкциақәа рзышьақәыргылоуп
Владимир  Зеленски идҵала,  ҧшьҩык Қырҭтәыла атәылауаа асанкциақәа рзышьақәыргылоуп

Украина анапхгара ҧшьҩык Қырҭтәыла атәылауаа  — Александра Иванишвилии, Учеи Татеи Мамацашвилиааи, Қеҭеван Хараиӡеи асанкциақәа рзышьақәдыргылеит. Украина ахада иашьашәало адҵа инапы аҵаиҩит.

Адҵа инақәырәшаны, зыӡбахә ҳәоу ауааҧсыра, ахәаахәҭратә операциақәеи, аресурсқәа ртранзити, аҧыррақәеи, Украина аҵакырадгьыл ала аидарамҩангареи, Украина анҭыҵ акапитал алгареи уҳәа, еиуеиҧшым ахырхарҭақәа рыла аҧкрақәа рзышьақәыргылоуп.

Адҵа ишану ала,  Украина Амилаҭтә шәарҭадареи атәылахьчареи амаӡаныҟәгаҩ амч зауз адҵа анагӡара ахылаҧшра иуалуп.

Иара убас, адҵа ишану ала, Украина Адәныҟатәи аусқәа рминистрра Евроеидгылеи Америкеи, егьырҭ аҳәынҭқаррақәеи  ркомпетенттә органқәа адырра рырҭароуп зыӡбахәы ҳәоу ауааҧсыра ирышьақәыргылоу асанкциақәа ирықәныҟәаларц.