Владимир Зеленски – Беларуси Қырҭтәылеи имҩаҧысуа ахҭысқәа аабоит,  абарҭ аҩ-тәылак еиуеиҧшым ахархәагақәа рыла аилаҩынтәранӡа инаргар шырҭаху аабоит, аха, дара ирбои? Украина  Евроеидгыла  алаларазы аконкреттә иҵоуроу аҭак шамоуз рбоит
Владимир Зеленски – Беларуси Қырҭтәылеи имҩаҧысуа ахҭысқәа аабоит,  абарҭ аҩ-тәылак еиуеиҧшым ахархәагақәа рыла аилаҩынтәранӡа инаргар шырҭаху аабоит, аха, дара ирбои? Украина  Евроеидгыла  алаларазы аконкреттә иҵоуроу аҭак шамоуз рбоит

Урыстәыла аҳәаа иаҧну атәылақәа зегьы, Урыстәыла урҭ еиҟәнашар рҭахымзар, Евроеидгылеи НАТОи иалазароуп, 2 альтернативак ауп иҟоуп,  аибашьра ма  иҳәазо аурыс ампыҵахалара, – иҳәеит Украина ахада Владимир Зеленски Молдова, Европатәи аполитикатә аидҵара  (EPC) аҩбатәи асаммит аартраан.

Иара ишиҳәаз ала,  есымша  ашьа казҭәо Украина, Евроеидгылеи НАТОи ралалара иазкны аконкреттә иҵоуроу аҭак амоуит, убри аҟынтә, егьырҭ атәылақәагьы агәыҕра рцәыӡыр ауеит.

„Ҳконтинентаҿ иҵаау аимакқәеи аибашьреи ҟамлароуп. Уажәааны китаитәи ажурналист дсазҵааит НАТО зеиҕьашәшьои ҳәа. Аҭак мариоуп, ашәараҭадара агарантиақәа аныҟам, аибашьра мацара агарантиақәа ҟалоит.  Убри аҟынтә, Урыстәыла аҳәаа иаҧну атәылақәа зегьы, Урыстәыла урҭ еиҟәнашар рҭахымзар, Евроеидгылеи НАТОи иалазароуп, 2 альтернативак роуп иҟоуп,  аибашьра ма  иҳәазо аурыс ампыҵахалара.  Беларуси Қырҭтәылеи имҩаҧысуа ахҭысқәа аабоит,  абарҭ аҩ-тәылак еиуеиҧшым ахархәагақәа рыла аилаҩынтәранӡа ишнарго аабоит, аха, дара ирбои? Украина Евроеидгылеи НАТОи рахь алаларазы аконкреттә иҵоуроу аҭак шамоуз рбоит. Убри амшала егьырҭ атәылақәагьы агәыҕра рцәыӡыр ауеит. Абри агәкаҳара шәазхәыц, ҳаруаа рыгәкаҳара шәазхәыц“, – иҳәеит Владимир  Зеленски.