Владимир Путин ишааицҳаз, Нато мрагыларахь аҽырҭбаара ишаҿым ала аиуристтә гарантиа аанарԥшыроуп
Владимир Путин ишааицҳаз, Нато мрагыларахь аҽырҭбаара ишаҿым ала аиуристтә гарантиа аанарԥшыроуп

Урыстәыла ахада Владимир Путин ишааицҳаз, Нато мрагыларахь арҭбаареи Урыстәыла аҳәаа ааигәара абџьар аргылареи шаҿым  аиуристтә гарантиа аанарԥшыроуп. Ари атәы Путин ааицҳаит G20 атәылақәа рыцҳаражәҳәаҩ ҿыццәа данырԥылоз.

Урыстәыла ахада иажәақәа рыла, урҭ рдипломатиа хықәкы хадас амоуп уажәы Урыстәылазы ашәарҭадаратә гарантиақәа рыҭара.

“ЕАШ-и уи адгылаҩцәеи рҟны адиалог аҿы иконкрету ашьаҿақәа аус рыдулара ҳаҳәоит. ато мрагыларахь арҭбаареи Урыстәыла аҳәаа ааигәара абџьар аргылареи шаҿым  аиуристтә гарантиа аанарԥшыроуп.

Ари азҵааразы аилацәажәарақәа рымҩаԥгара рыдаҳгалоит,” – иҳәеит Путин