Владимир Путин – Агәылара иҟоу атәылақәа ирыбжьазгар сҭахуп аҭагылазаашьа аҭарчра иаҟәыҵны, асанкциақәа шьақәыдмыргыларц
Урыстәыла ахада Владимир Путин агәылара иҟоу атәылақәа ирыбжьеигеит аҭагылазаашьа аҭарчра иаҟәыҵны, асанкциақәа шьақәыдмыргыларц. Путин ари аҳәамҭа ҟаиҵеит апаром «Маршал Рокоссовски» аҿы Урыстәыла абираҟ ашьҭыхра ацеремониаҿы.
«Агәылара иҟоу атәылақәа ирыбжьазгар сҭахуп аҭагылазаашьа аҭарчра иаҟәыҵны, асанкциақәа шьақәыдмыргыларц. Ҳара аҧхықәрақәа зегьы наҳагӡоит. Ҳаҧхьаҟагьы инаҳагӡалоит. Аҭагылазаашьа аҭарчреи аизыҟазаашьақәа рыҧхасҭатәреи азы изакәызаалак мзызк збом», — иҳәеит Урыстәыла ахада.