Владимир Медински - Аиҽцәажәараҿ Украина аган аҟынтә ажәалагалақәак ҳауит,  хара имгакәа урҭ ҳрыхәашны, ахада адырра иаҳҭоит, уи ашьҭахь иашьашәалоу аҭак ҟаҳҵоит
Владимир Медински - Аиҽцәажәараҿ Украина аган аҟынтә ажәалагалақәак ҳауит, хара имгакәа урҭ ҳрыхәашны, ахада адырра иаҳҭоит, уи ашьҭахь иашьашәалоу аҭак ҟаҳҵоит

Урыстәыла Украина аҭыԥ змоу аимак адеескалациа ахырхарҭала ҩшьаҿак ҟанаҵоит, Урыстәылатәи Афедерациа Сҭамԥыл Украинантә апозициа аиуит, – иҳәеит Урыстәылеи Украинеи реиҽцәажәараҿ урыстәылатәи адеелгациа анапхгаҩы, Урыстәыла ахада ицхырааҩ Владимир Медински аиҽцәажәара ахыркәшара ашьҭахь.

Урыстәылатәи Афедерациа анапхгаҩы иажәақәа рыла, аиқәшаҳаҭра аус адулареи акомпромисс аԥшаареи рылшар, аҭынчара ашьақәыргылара иаҳа ирланӡаны ҟалоит.

Урыстәылатәи аихқәа ишаарыцҳаз, Москва Киев аднагалеит Владимир Путини Владимир Зеленскии реиԥылара амҩаԥгара.