Владимир Божаӡе  - Пиа Каума лвизит ахырҧара алагьы лабҿаба иубарҭоуп иахьа ҳҳәынҭқарра иаҿагыло амчқәа шыҟоу, дара ҳтәылаҿы аҭынчреи аҭышәынтәалареи шырҭахым
Владимир Божаӡе  - Пиа Каума лвизит ахырҧара алагьы лабҿаба иубарҭоуп иахьа ҳҳәынҭқарра иаҿагыло амчқәа шыҟоу, дара ҳтәылаҿы аҭынчреи аҭышәынтәалареи шырҭахым

 

Пиа Каума лвизит ахырҧара алагьы лабҿаба иубарҭоуп иахьа ҳҳәынҭқарра иаҿагыло амчқәа шыҟоу, дара ҳтәылаҿы аҭынчреи аҭышәынтәалареи шырҭахым, – иҳәеит апарламенттә аиҳара алахәыла  Владимир Божаӡе ажурналистцәа данрацәажәоз.

Божаӡе иажәақәа рыла, „авизит ахырҧара апрецедент цәгьоуп, избанзар,  уи алагьы иубарҭоуп Пиа Каума Қырҭәтылантә мацара акәымкәа, егьырҭ атәылақәеи Европарламенти рҟынтәгьы ақәыҕәҕәара шылхылымгаз.

„Уи алагьы иубарҭоуп ҳтәылаҿы  Қырҭәтыла ақәҿиара амазар зҭахым амчқәа шыҟоу,раҧхьа иргыланы, уи арадикалтә оппозициаа роуп. Авизит ахырҧара цәгьоуп, аха, аибашьреи ҳтәыла аукраинизациеи, аҵакырадгьылқәа рцәыӡреи иаҳа еицәоуп.  Авизит ахырҧара апрецедент цәгьоуп, избанзар,  уи алагьы иубарҭоуп Пиа Каума Қырҭтәылантә мацара акәымкәа, егьырҭ атәылақәеи Европарламенти рҟынтәгьы ақәыҕәҕәара шылхылымгаз. – Пиа Каума лвизит ахырҧара алагьы лабҿаба иубарҭоуп иахьа ҳҳәынҭқарра иаҿагыло амчқәа шыҟоу, дара ҳтәылаҿы аҭынчреи аҭышәынтәалареи шырҭахым“, – иҳәеит Владимир Божаӡе.

Европарламент алахәыла Риҳард Колс асоциалтә аҳаҿы иҩит Аусеицуреи Ашәардареи рзы Европатәи Аиҿкаара Апарламенттә Ассамблеиа ахада ажьырныҳәа 8-10 рзы визитла Қырҭтәылаҟа даауеит ҳәа.

Аоппозициатә аидҵарақәа Пиа Каума ашәҟәы изырҩын, Қырҭәтыла уажәтәи анапхгара алхрақәа реиҭамҩаҧгаразы аӡбара рыдыркылаанӡа ари авизит аҧырҧара иаҳәеит.

Ари авизит амҩаҧгара аидеиа дахцәажәеит Германтәыла Бундестаг алахәыла Михаел Ротгьы. Иара ишиҳәаз ала, „Пиак Каума Қырҭтәылаҟа ддәықәлар, агха ду ҟалҵоит“.

Иахьа Пиа Каума ишаалыцҳаз аала, ари авизит хырҧоуп.